Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа абиуџьеттә аҧара аныхра аус азы Қырҭтәыла ахҧатәи ахада Михаил Саакашвили 9 шықәса аҭакра иқәырҵеит
Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа абиуџьеттә аҧара аныхра аус азы Қырҭтәыла ахҧатәи ахада Михаил Саакашвили 9 шықәса аҭакра иқәырҵеит, Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзҭура ҷыда аиҳабы Ҭеимураз Џьанашьиа – 300 000 лари ахараҧса.
Аӡбарҭа ақәҵара рылеиҳәеит аӡбаҩ Бадри Коҷламазашвили.
Прокуратура Саакашвилии Џьанашиеи абиуџьеттә аҧара рацәа — 9 миллион лари хықәкыда аныхра рхаранаҵеит.
Ахара зду Михаил Саакашвилии Ҭеимураз Џьанашиеи аӡбарҭа аилатәарашҟа имнеит. Дара рҩыџьагьы ари ацәгьаура рхарам ҳәа ирыҧхьаӡоит.