18 метр аура змоу автобусқәа  N314 амаршрутла аиҭаҵра иалагоит хәажәкыра  9 инаркны
18 метр аура змоу автобусқәа  N314 амаршрутла аиҭаҵра иалагоит хәажәкыра  9 инаркны

 

Хәажәкыра  9 инаркны ауаажәларратә транспорт аҳа ацлоит  18 метр аура змоу автобус ҿыцқәа,  урҭ  N314 амаршрутла еиҭаҵуа  апассаџьырцәа рымаҵ руеит.

Қарҭ аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе ишиҳәаз ала,  раҧхьатәи аетап азы автобус ҿыцқәа аиҭаҵра иалагоит зегьы реиҳа апассаџьырцәа ахьырацәоу амаршрутқәа рыла.

«Хәажәкыра  9 инаркны  N314 амаршрут апассаџьырцәа рхы иадырхәар рылшоит  18 метр аура змоу автобус ҿыцқәа.  Зыӡбахәы ҳәоу автобусқәа  12 метр аура змоу автобусқәа раасҭа ҩынтә еиҳаны апассаџьырцәа рымҩангара рылшоит. Убри аҟынтә,  раҧхьатәи аетап азы автобус ҿыцқәа аиҭаҵра иалагоит зегьы реиҳа апассаџьырцәа ахьырацәоу амаршрутқәа рыла.  18 метр аура змоу автобусқәа аусура иалагахьеит  N302-и N308-и амаршрутқәа рыла, хәажәкыра  9 инаркны автобус ҿыцқәа аиҭаҵра иалагоит  N314 амаршрут алагьы″, —  иҳәеит Қарҭ ахада.