Европа ахеилак аҿы Урыстәыла анапынҵақәа аанкылоуп - Урыстәыла абираҟ кыдырхит
Европа ахеилак аҿы Урыстәыла анапынҵақәа аанкылоуп - Урыстәыла абираҟ кыдырхит

Европа ахеилак аминистрцәа ркомитет аилатәараҿ Урыстәыла алцара аӡбара рыдыркылеит. Аинформациа ианылеит аиҿкаара авебдаҟьа.

26 шықәсатәи алахәызаара аҭоурых ашьҭахь аиҿкаараҿ Урыстәыла анапынҵақәа аанкылоуп.  Уаанӡа, Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа аиҿкаарантә Урыстәыла алцара аӡбара еиҭҿакны аднакылеит. Абри азы рыбжьы арҭеит 216-ҩык, Қырҭтәыла аделегациа уахь иналаҵаны, аӡәгьы даҿамгылеит.

Финлиандиа аделегациа “Твиттер” аҿы афотоҭыхымҭа аланарҵәеит Урыстәыла абираҟ шкыдырхыз.