Ҭамар Корӡаиа  - Саломе Зурабишвили Ника Гварамиа ашьауҕа иқәхра иазку аӡбара лыдылкылеит аҳәынҭқарратә ҭакҧхықәра аҳәаақәа ирҭагӡаны
Ҭамар Корӡаиа  - Саломе Зурабишвили Ника Гварамиа ашьауҕа иқәхра иазку аӡбара лыдылкылеит аҳәынҭқарратә ҭакҧхықәра аҳәаақәа ирҭагӡаны

Саломе Зурабишвили аҭакҧхықәра шлыду лгәаларшәара аҭахым, избанзар, лара Ника Гварамиа ашьауҕа иқәхра иазку аӡбара лыдылкыеит аҳәынҭқарратә ҭакҧхықәра аҳәаақәа ирҭагӡаны, –  илҳәеит аоппозициатә депутат Ҭмар Корӡаиа Актәи аканал аинтервиу аналҭоз.

Ҭамар Корӡаиа ишылҳәаз ала, арҭ амшқәа рзы атәыла иаиуз ахәшьара инақәыршәаны,  12 пунктқәа рҟынтә пунктк зынӡаскгьы инагӡамызт, уажәшьҭа уи хәҭала инагӡоуп.

„Ҳаҧхьаҟа Гварамиа ихы шымҩаҧиго азы Саломе Зурабишвили аҭак лыҧхықәым, аха, агәра ганы сыҟоуп лара  аҳәынҭқарразы иаҳа зҵакы дуу  дшазхәыцыз. Гварамиа аполитика далахәызар сҭахуп, избанзар, аоппозициатә сектор хымҧада ирҕәҕәатәуп“, – илҳәеит Корӡаиа.

Иацы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Ника Гварамиа ашьауҕа иқәылхит.