Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа Владимир Путин ибаандаҩтәразы аордер ҭнажьит
Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа Владимир Путин ибаандаҩтәразы аордер ҭнажьит

Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа Владимир Путин ибаандаҩтәразы аордер ҭнажьит. Ари аинформациа аланарҵәеит Гаагатәи жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа.

Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа аӡбаҩцәа рыӡбарала, Урыстәыла ахада Украина аибашьратә ацәгьаурақәа рыҟаҵаразы гәҩарас дрымоуп.

Аӡбарҭа аҳәамҭа ишану ала, Урыстәыла ахада  „аибашьратә ацәгьаурақәеи, ауааҧсыра   (ахәыҷқәа) закәандарала рдепортациеи, ауааҧсыра  (ахәыҷқәа) Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә Урыстәылатәи афедерациашҟа закәандарала риагареи азы  аҭак иҧхықәзар  ҟалап“.

Иара убас, аӡбарҭа абри аҩызаҵәҟьа аордер ҭнажьит ахәыҷқәа рзинқәа азҵаарақәа рзы Урыстәыла акомиссар Мариа Лвова-Белова лбаандаҩтәразгьы.