Запорожтәи атәылаҿацә администрациа адыррала, аурыс арбџьармчқәа агуманитартә колонна аракета аларыжьит. 23ҩык ҭахеит
Запорожтәи атәылаҿацә администрациа адыррала, аурыс арбџьармчқәа агуманитартә колонна аракета аларыжьит. 23ҩык ҭахеит.
Асоциалтә аҳаҿы ари атәы иҩит Запорожтәи атәылаҿацә администрациа аиҳабы Алеқсандр Старух.
Иара иажәақәа рыла, ауаа агәаран иқәгылан, руацәа ргарцаз имыпҵахалоу аҵакырадгьылахь ииасыр рҭахын.
«Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, 23ҩык ҭахеит, 28ҩык ахәрақәа роуит. Рызынтәгьы — аҭынчуаа роуп, ҳтәылауаа роуп», — иҩит Старух.