Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Винница ақалақь аҿы аракетатә жәылара амшала иҭахеит 22-ҩык
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Винница ақалақь аҿы аракетатә жәылара амшала иҭахеит 22-ҩык

Урыстәыла Винница ақалақь аҿы имҩаԥнагаз аракетатә жәылара амшала иҭахеит 22-ҩык, 39-ҩык хабарда иӡит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Ари атәы аарыцҳаит украинатәи аихқәа амилаҭтә полициа аҟынтә аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны.

Аракетак авторгыламҭа ааигәара икаҳаит, уаҟа  30 раҟара амашьынақәа иблит. Аракетақәа ахькаҳаз егьырҭ аҭыҧқәа рҿы аҩнқәа ибгеит. Украина ахада Владимир Зеленски Урыстәыла дахцәажәеит  аҭынчуаа зшьуа атеррористтә ҳәынҭқарра ҳасабала.