Урыстәылатәи аган аинформациа ала, аԥырҩы дызмам украинатәи аппарат анкарыжь, Кремль хәкилометрк иацәыхароу ахыбра аԥхасҭа аиуит
Урыстәылатәи аган аинформациа ала, аԥырҩы дызмам украинатәи аппарат анкарыжь, Кремль хәкилометрк иацәыхароу ахыбра аԥхасҭа аиуит

Урыстәылатәи аган аинформациа ала, Урыстәыла Атәылахьчаратә мчқәа аԥырҩы дызмам украинатәи аппарат анкарыжь, Кремль хәкилометрк иацәыхароу ахыбра аахеит. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрреи Москва ахадеи иҟарҵаз аҳәамҭақәа рыла, ахҭыс аԥсыҭбарақәа ацым.

„Москватәи аамҭала асааҭ 04:00 рзы Киевтәи арежим аԥырҩы дызмам аппарат рхы иадырхәаны, Москвеи Москватәи арегиони рҿы иҟоу аобиектқәа рганахьала иашьҭанеиуа ажәылара мҩаԥнагеит”, -аарыцҳаит аминистрра аҟынтә.

Ари ахҭыс иахырҟьаны, аамҭала аҳауатә неиааира аанкылоуп Внуковотәи, Домодедовотәи, Жуковсктәи, Шереметевотәи аҳаирбаӷәазақәа рҿы.