Москва,  „Крокус Сиҭи Ҳолл“ аҿы иҟалаз ажәылара амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара  93ҩык  рҟынӡа иазҳаит, 121ҩык ахәрақәа роуит
Москва,  „Крокус Сиҭи Ҳолл“ аҿы иҟалаз ажәылара амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара  93ҩык  рҟынӡа иазҳаит, 121ҩык ахәрақәа роуит

Москва, аконцерттә зал  „Крокус Сиҭи Ҳолл“ аҿы иҟалаз ажәылара амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара  93ҩык  рҟынӡа иазҳаит, 121ҩык ахәрақәа роуит.

Ажәылара иадҳәаланы азинхьчаҩцәа 11ҩык ааныркылеит, урҭ рҟынтә ҩыџьа террористцәазар ҟалап.

Амедиаҿ аларҵәара зауз аинформациа ала, аполицаицәа гәҩарас ирымаз ауаа рмашьына  „Рено“ аихсра иалагеит, гәҩарас ирымоу руаӡәы дхәып,   иара ахәышәтәырҭаҿы аоперациа изыҟарҵоит.

Иара убас, гәҩарас ирымоу  фҩык  рҟынтә ҧшьҩык рыхьӡқәа еилкаауп, урҭ  21 инаркны 51 шықәсанӡа зхыҵуа Таџьикистан атәылауаа роуп.

Москва,  бџьарла еибыҭаз ахаҿқәа „Крокус Сиҭи Ҳолл“ иҩналан, аконцертахь инеиз ауаа иреихсуа иалагеит. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ари ажәылара атерракт аҳасабала иахцәажәеит.