Москва,  „Крокус Сиҭи Ҳолл“ аҿы иҟалаз ажәылара амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара  115ҩык  рҟынӡа иазҳаит
Москва,  „Крокус Сиҭи Ҳолл“ аҿы иҟалаз ажәылара амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара  115ҩык  рҟынӡа иазҳаит

Москва, аконцерттә зал  „Крокус Сиҭи Ҳолл“ аҿы иҟалаз ажәылара амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара  115ҩык  рҟынӡа иазҳаит,  иҭахаз рыгәҭа хҩык ахәыҷқәагьы иҟоуп.

Аусеилыргаратә комитет адыррала,  ауаа рыҧсыбаҩқәа аадырҧшит акомплекс аҵакырадгьылаҿ,  уаҟа уажәгьы аҧшаара-арыцқьаратә усурақәа мҩаҧысуеит.

Аурыс медиахархәагақәа ажәыларазы гәҩарас ирымоу руаӡәы иҿахәы имхра акадрқәа аладырҵәеит.

Гәҩарас ирымоу ахаҿы ишиҳәаз ала, атерракт амҩаҧгаразы 500 нызқь амааҭ изыршәеит. Аҿаҵаҩы  „Телеграмм“ ала дидҵааланы,  аҧара абжа абанк ала изишәеит. Дара мызкы ажәыларазы рҽазыҟарҵон.

Иаха Москва,  бџьарла еибыҭаз ахаҿқәа „Крокус Сиҭи Ҳолл“ иҩналан, аконцертахь инеиз ауаа иреихсуа иалагеит. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ари ажәылара атерракт аҳасабала иахцәажәеит.