Москва  "Крокус Сиҭи Ҳолл" ақәларазы аанкылоуп 11ҩык
Москва  "Крокус Сиҭи Ҳолл" ақәларазы аанкылоуп 11ҩык

Москва  “Крокус Сиҭи Ҳолл” ақәларазы аанкылоуп 11ҩык, урҭ рҟынтә ҧшьҩык террористцәазар ҟалап.

Амедиаҿ аларҵәара зауз аинформациа ала, аполицаицәа гәҩарас ирымаз ауаа рмашьына  „Рено“ аихсра иалагеит, гәҩарас ирымоу руаӡәы дхәып,   иара ахәышәтәырҭаҿы аоперациа изыҟарҵоит.

Иара убас, гәҩарас ирымоу  фҩык  рҟынтә ҧшьҩык рыхьӡқәа еилкаауп, урҭ  21 инаркны 51 шықәсанӡа зхыҵуа Таџьикистан атәылауаа роуп.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла,  ажәылара амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара  93ҩык  рҟынӡа иазҳаит, 121ҩык ахәрақәа роуит.

Иаха Москва,  бџьарла еибыҭаз ахаҿқәа „Крокус Сиҭи Ҳолл“ иҩналан, аконцертахь инеиз ауаа иреихсуа иалагеит. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ари ажәылара атерракт аҳасабала иахцәажәеит.