Аиҳабыра радминистрациа – Қырҭтәыла аиҳабыра Москва  жәаҩыла ауаа ҭазырхаз атеррористтә акт иақәыӡбоит, аурыс жәлар ҳрыдашшылоит
Аиҳабыра радминистрациа – Қырҭтәыла аиҳабыра Москва  жәаҩыла ауаа ҭазырхаз атеррористтә акт иақәыӡбоит, аурыс жәлар ҳрыдашшылоит

Қырҭтәыла аиҳабыра Москва  акгьы зхарамыз жәаҩыла ауаа ҭазырхаз атеррористтә акт ҳақәыӡбоит, – иануп Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.

„Аурыс жәлар ҳрыдашшылоит. Иҭахаз ауаа руацәа ҳрыдашшылоит. Ахәрақәа зауз ауаа ирласны абзиахара рзеиҕьаҳшьоит“, – иануп аҳәамҭаҿы.

Москва,  бџьарла еибыҭаз ахаҿқәа „Крокус Сиҭи Ҳолл“ иҩналан, аконцертахь инеиз ауаа иреихсуа иалагеит. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ари ажәылара атерракт аҳасабала иахцәажәеит.