Аҩны шкәакәа аҳәамҭала,  Украина Москва аконцерттә залаҿ иҟалаз атерракт изакәызаалак ак ала ишадҳәалоу зыршаҳаҭуа дыргакгьы иҟам
Аҩны шкәакәа аҳәамҭала,  Украина Москва аконцерттә залаҿ иҟалаз атерракт изакәызаалак ак ала ишадҳәалоу зыршаҳаҭуа дыргакгьы иҟам

Аҩны шкәакәа аҳәамҭала,  Украина Москва аконцерттә залаҿ иҟалаз атерракт изакәызаалак ак ала ишадҳәалоу зыршаҳаҭуа дыргакгьы иҟам.  Ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҩны шкәакәа амилаҭтә шәарҭадара ахеилак астратегиатә коммуникациақәа рзы акоординатор Џьон Кирби.

Москва,  бџьарла еибыҭаз ахаҿқәа „Крокус Сиҭи Ҳолл“ иҩналан, аконцертахь инеиз ауаа иреихсуа иалагеит. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ари ажәылара атерракт аҳасабала иахцәажәеит.  Аотриад ҷыда алахәылацәа ахыбра иақәлан иргеит. Зыӡбахәы ҳәоу атерракт амшала   40ҩык ҭахеит.