Аҩны шкәакәа – Ареспубликатә партиа алахәылацәақәак рҳәатәы иахьыҧшымкәа, Џьо Баиден ипрезиденттә аҿҳәара аҵыхәанӡа инеигоит
Аҩны шкәакәа – Ареспубликатә партиа алахәылацәақәак рҳәатәы иахьыҧшымкәа, Џьо Баиден ипрезиденттә аҿҳәара аҵыхәанӡа инеигоит

«Ареспубликатә партиа алахәылацәақәак рҳәатәы иахьыҧшымкәа, Џьо Баиден ипрезиденттә аҿҳәара аҵыхәанӡа инеигоит», — ирҳәеит Аҩны шкәакәаҿ.

«Ахада Баиден ахадас даныҟала атәыла аекономика акаҳара иаҿын, амчыларатә ацәгьаурақәа рхыҧхьаӡара азҳара иаҿын. Иара аҭагылазаашьа иҧсахит, адунеиаҿ зегьы реиҳа идуу аекономикатә азҳара аиқәыршәареи  амчыларатә ацәгьаурақәа рырмаҷреи илшеит, иара убас, излауаз ала НАТО ирҭбааит. Иара ипрезиденттә аҿҳәара ахыркәшареи америкауаа аҭоурыхтә алҵшәа ҿыцқәа рзаагареи дақәгәыҕуеит. Баиден америкауаа рхақәиҭрақәа разықәҧара наигӡоит», — иҳәеит Аҩны шкәакәа ахаҭарнак Ендриу  Беитс.