Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Еревантәи анапхгара агха ду ҟарҵоит, ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа Шәамахьтәылеи Урыстәылеи ирыбжьоу аимадара ҕәҕәа дырбгар рҭахуп, убри ала ртәыла  Мраҭашәара агеополитикатә хәмаррақәа ршас иҟарҵоит  

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра   шәамахьтәыла аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа акритика азыруит.

Аминистрра аҳәамҭа ишану ала, Шәамахьтәыла аҧыза-министр   атәыла аҩныҵҟатәи адәныҟатәи аполиткиаҿы иҟоу ахыбгаларазы аҭакҧхықәра дацәцар иҭахуп,  иара апроблемақәа зегьы  Москва ахараиҵоит.

«Шәамахьтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы иазхеиҵеит аҵыхәтәантәи аамҭазы  ареспублика Урыстәылантә аҵәиразы ишазыҟарҵоз.  Урыстәыла агхақәа ҟанаҵазшәа ҿыҵгас иҟаҵаны,  абарҭ ашьаҿақәа рыла Шәамахьтәыла ахырхарҭа ҿыц – мраҭашәаратә хырхарҭа арҭар рҭахын. Агәра ганы ҳаҟоуп Еревантәи анапхгара агха ду шыҟарҵо, ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа Шәамахьтәылеи Урыстәылеи ирыбжьоу аимадара ҕәҕәа дырбгар рҭахуп, убри ала ртәыла  Мраҭашәара агеополитикатә хәмаррақәа ршас иҟарҵоит“, — иануп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистра аҳәамҭаҿы.

Шәамахьатәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан Ереван  америкатә сенатор  Гери Питерс даниҧылоз ишиҳәаз ала, иара  «иаҵшьны иазгәеиҭоит уажәтәи аҭагылазаашьа аҭыҧҟәҵаразы Америка адгылара ароль ду шамоу».