Укринатәи акризис аҭыԥқәҵаразы Китаи 12 пункт рыла ишьақәгылоу ахатә ҭынчратә план аверсиа цәырнагеит
Укринатәи акризис аҭыԥқәҵаразы Китаи 12 пункт рыла ишьақәгылоу ахатә ҭынчратә план аверсиа цәырнагеит

Укринатәи акризис аҭыԥқәҵаразы Китаи 12 пункт рыла ишьақәгылоу ахатә ҭынчратә план аверсиа цәырнагеит. Аплан актәи апункт атәылақәа зегьы рсуверенитети ртерриториатә акзаареи рхымԥадара иазкуп.

Китаитәи аплан иашҭанеиуа апунктқәа рыла ишьақәгылоуп: атәылақәа зегьы рсуверенитет ахьчара, аибашьра хьшәашәа аменталитет мап ацәкра, ақәԥарақәа рхыркәшара, аҭынчратә иаҿцәажәарақәа реиҭалагара, агуманитартә кризис аҭыԥқәҵара, атәылауаҩратә уааԥсыреи арратә тҟәацәеи рыхьчара, атомтә фымцатә станциақәа рыхьчара, астратегиатә шәарҭақәа рырмаҷра, арыц аекспорт адгылара, ганкалатәи асанкциақәа рхыркәшара, ааглыхратә аикәшара аҭышәынтәалара, аибашьра ашьҭахьтәи аиҭашьақәыргылараҿ аусеицура.

Адокумент аҿы ишану ала, “атомтә абџьар ахархәара” ҟамлароуп”.