Украинатәи генштаб - Урыстәыла Украина "шаҳед" атип змоу аԥырҩы дызҭам 40 аппаратқәа рыла ақәлеит, Украина атәылахьчаратә мчқәа 37 дронқәа карыжьит
Украинатәи генштаб - Урыстәыла Украина "шаҳед" атип змоу аԥырҩы дызҭам 40 аппаратқәа рыла ақәлеит, Украина атәылахьчаратә мчқәа 37 дронқәа карыжьит

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла Украина “шаҳед” атип змоу аԥырҩы дызҭам 40 аппаратқәа рыла ақәлеит, украинаа 37 дронқәа карыжьит, – аанацҳаит украинатәи агенштаб.

Украина Аенергетика аминистр Герман Галушьенко иҟаиҵаз аҳәамҭала, аурыс аруаа Харкови, Львови, Киеви иҟоу аенергетикатә инфраструктура ақәлоит.

Аштаб хада аинформациала, Киев аҳауатә шәарҭа хәсааҭк нагӡон, аԥхасҭа аиуит акритикатә инфраструктуратә обиект.

Аурысцәа жәаракетак рышьҭит Харковтәи арегион ахырхарҭала.