Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи аруаа Днепропетровск иаҵанакуа Никополь ақалақь 40 ареактивтә хыртҟәацқәа рыла еихсит
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи аруаа Днепропетровск иаҵанакуа Никополь ақалақь 40 ареактивтә хыртҟәацқәа рыла еихсит

Украинатәи агенштаб адыррақәа  рыла, урыстәылатәи ар ажәыларақәа ҩхырхарҭак рыла мҩаԥнагоит. Донецктәи аокруг аҿы иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла аурыс ампыҵахалаҩцәа бжьҩык аҭынч тәылауаа иршьит, жәҩык ахәрақәа роуит. Зегь реиҳа ирацәаны аԥсыҭбара Торецк ақалақь аҿы иҟоуп. Аурысцәа ауаажәларратә транспорт ааҭгылара абомба ақәрыжьит.

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи аруаа Днепропетровск иаҵанакуа Никополь ақалақь 40 ареактивтә хыртҟәацқәа рыла еихсит, аԥсыҭбара иҟам, иблит ааглыхырҭак, аҩнқәа 10 еилаҳаит.

Иахьа, ашьыжь шаанӡа аԥжәра бжьы гон Николаев ақалақь аҿы. Адетальқәа макьана идырым.