Украинатәи АИХ – Урыстәылатәи арбџьармчқәа украинатәи ақалақьқәа аракетақәа рыла ҕәҕәара ираахоит, аҧжәарақәа рыбжьы Киевгьы иуаҳауеит
Украинатәи АИХ – Урыстәылатәи арбџьармчқәа украинатәи ақалақьқәа аракетақәа рыла ҕәҕәара ираахоит, аҧжәарақәа рыбжьы Киевгьы иуаҳауеит

«Урыстәылатәи арбџьармчқәа украинатәи ақалақьқәа аракетақәа рылаҕәҕәара ираахоит,  аҧжәарақәа рыбжьы Киевгьы иуаҳауеит», — аарыцҳаит украинатәи АИХқәа.

Амедиа адыррала, аҳаирхыхьчаратә системақәа аус руеит  Киевтәи, Винництәи, Днепропетровсктәи, Одессатәи, Житомиртәи атәылаҿацәқәа рҿы.  Одесса иакымкәа аҧажәарақәа ҟалеит. Ақалақьаҿ афымцатә станциақәа ҩба аҧхасҭа роуит.

Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, урыстәылатәи аруаа Львовтәи атәылаҿацә  ахырхарҭала аракетақәа дәықәырҵеит.

Аларҵәара зауз аинформациала, аурысцәа Киев ахырхарҭала идәықәырҵеит 15 амҵәыжәҩатә ракетақәа.