Украина Рада ахантәаҩы ишааицҳаз, Қырҭтәыла апарламенттә делегациа авизит иадҳәаланы уаҵәы Шьалуа Папуашвили ҭелла диацәажәоит
Украина Рада ахантәаҩы ишааицҳаз, Қырҭтәыла апарламенттә делегациа авизит иадҳәаланы уаҵәы Шьалуа Папуашвили ҭелла диацәажәоит

Украина Рада ахантәаҩы Руслан Степнчук ишааицҳаз, атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа абаразы, Украинахь дааиԥхьеит адунеи апарламентқәа рспикерцәа зегьы, урҭ дрылоуп Қырҭтәыла апарламент ахантәыҩы.

Степанчук иажәақәа рыла, Қырҭтәыла апарламенттә делегациа авизит иадҳәаланы уаҵәы Шьалуа Папуашвили ҭелла диацәажәоит

„Атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа ирбрц азы, Украинахь иаасыԥхьеит адунеи апарламентқәа рспикерцәа зегьы, урҭ рыбжьара Қырҭтәыла апарламент аспикер. Уаҵәы иареи сареи ҭелла аофициалла ҳаицәажәоит. Украинахь ивзит адетальқәа зегьы рыхцәажәара сазыхиоуп. Уи игәымбзиара атәы издыруеит, агәабзиара изеиӷьасшьоит. Хара имгакәа  Киев шҳаиԥыло сгәыӷуеит”, – иҳәеит Руслан Степанчук.

Степанчук Украина иаҭааран иҟоу Қырҭтәыла апарламент аделегациа иҭабуп ҳәа раиҳәеит.