Украина иреиҳаӡоу Рада амобилизациа иазку азакәан шьақәнарӷәӷәеит
Украина иреиҳаӡоу Рада амобилизациа иазку азакәан шьақәнарӷәӷәеит

Украина иреиҳаӡоу Рада амобилизациа иазку азакәан шьақәнарӷәӷәеит. Азакәан 283-ҩык адепутатцәа иадгылеит. Ари ателеграм-канал аҿы ааицҳаит апартиа “Голос” алахәыла, апарламент афинанстә комитет ахантәаҩы Иарослав Железниак.

Иреиҳаӡоу Рада шьақәнарӷәӷәаз азакәанпроект амобилизациеи, арратә ҭаҩреи, арратә маҵзура ахысреи ирызкуп. Азакәанла иазыԥхьагәаҭоуп атәылаҿ азеиԥш арратә азыҟаҵара ашьаҭаркра.  Азакәан агәылхуп адемобилизациеи аротациеи ирызкыз ахәҭақәа.

Иара убас, иацы актәи аԥхьарала шьақәырӷәӷәан абаандаҩцәа рхатәгәаԥхарала амобилизациа иазкыз азакәантә аԥшьгара.