Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Џьамбул Хоԥериа иԥсыбаҩ аԥсадгьыл ашҟа иааргеит
Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Џьамбул Хоԥериа иԥсыбаҩ аԥсадгьыл ашҟа иааргеит

Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Џьамбул Хоԥериа иԥсыбаҩ аԥсадгьыл ашҟа иааргеит. Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ афырхаҵа иуацәеи иҩызцәеи еизеит.

25 шықәса зхыҵуаз Леван Сахелашвили Украина аибашьра алагара амш инаркны дықәԥон. Абомбақәыжбрак аан уи ахимиатә маҭәашьар иԥырхагахеит. Аҳақьымцәа иеиқәырхара рылымшеит, ақырҭуа аибашьҩы ԥхынҷкәын 1 азы ахәышәтәырҭаҿ иԥсҭазаара далҵит.

Џьамбул Хоԥериа Гуриа, Гвимралаури ақыҭаҿ анышә дарҭоит.

Украина аибашьра иалагеижьҭеи иҭахеит 33-ҩык ақырҭуа аибашьцәа.