Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Гурген Гагниӡе иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ашҟа иааргеит
Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Гурген Гагниӡе иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ашҟа иааргеит

Украина иҭахаз 40 шықәса зхыҵуаз ақырҭуа аибашьҩы Гурген Гагниӡе иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ашҟа иааргеит.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ афырхаҵа иуацәеи иҩызцәеи еизеит.

Иҟоу адыррақәа рыла, Гурген Гагниӡе ихы алаирхуан атҟәацәа ргара аопераци аҿы, уи Донецктәи аокруг, Бахмут ақалақь аҿы дҭахеит. Ақырҭуа аибашьҩы Украина арбџьармқәа 25-тәи адесанттә бригадаҿ дықәԥон. Гурген Гагниӡе иԥсыбаҩ Зестафони инаргоит.

Украина аибашьра иалагеижьҭеи иҭахеит 24-ҩык ақырҭуа аибашьцәа. Украина иҭахаз даҽа аибашьҩы – Леван Сахелашвили иԥсыбаҩ аԥсадгьы ашҟа абҵара 6 рзы ааргоит.