Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Михаил Ҭевдораӡе иҧсыбаҩ аҧсадгьылахь иааргеит
Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Михаил Ҭевдораӡе иҧсыбаҩ аҧсадгьылахь иааргеит.
45 шықәса зхыҵуаз Михаил Ҭевдораӡе Украинаҟа ддәықәлеит аибашьра ианалагаҵәҟьа. Мышқәак раҧхьа иара Баҳмут ааигәара ақәҧараан дҭахеит. Иара убас уааҵәҟьа дҭахеит Серго Қарҭвелишвилигьы, хҩык ақырҭуа аибашьцәа ахәрақәа роуит.
Уажәазы аҧсадгьылахь иааргеит Михаил Ҭевдораӡе заҵәы иҧсыбаҩ.