Украина ахадеи Бырзентәыла аԥыза-министри Украина Евроатлантикатә аинтегарциа иазку адекларациа рнапы аҵарҩит
Украина ахадеи Бырзентәыла аԥыза-министри Украина Евроатлантикатә аинтегарциа иазку адекларациа рнапы аҵарҩит

Украина ахада Володимир Зеленскии Бырзентәыла аԥыза-министр Кириакос Мицотакиси, Афины имҩаԥгаз аиԥылара аан, Украина Евроатлантикатә аинтегарциа иазку адекларациа рнапы аҵарҩит.

Адокумент инақәыршәаны, Украинеи Бырзентәылеи “Украина Алианс ахь аинтегарциеи Нато астандартқәа рынагӡареи рыдгылара агнахьала ирымоу ахыдҵақәа шьақәдырӷәӷәоит”.

Афины амоу апозициа инақәыршәаны, Украина арратә, атехникатә, атәылахьчаратә, агуманитартә цхыраара нарыгӡоит, иара убас аибашьра ашьҭахьтәи ареконструциаҿ ацхыраара азаанарԥшуеит.

Аганқәа ишаарыцҳаз ала, Украина ашәарҭадара “Евроатлантикатәи арегион аҭышәынтәаларазы” зда ԥсыхәа амам.

Бырзентәыла Украина Нато алалара аофицалла адгылаз, алианс иалоу 24 тәылақәа иреиуп.