Украина ахада ипресс-спикер  - Владимир Зеленски Владимир Путин иҟны аиҿцәажәарақәа рзы азыҳәамҭа ҟаиҵеит, аха макьана аҭак имоуӡацт
Украина ахада ипресс-спикер  - Владимир Зеленски Владимир Путин иҟны аиҿцәажәарақәа рзы азыҳәамҭа ҟаиҵеит, аха макьана аҭак имоуӡацт

«Донбасс аҭагылазаашьа аныцәгьаха, Украина мрагыларатә ахәҭаҿы аимак аескалациа алацажәаразы, Владимир Зеленски Владимир Путин иҟны аиҿцәажәарақәа рзы азыҳәамҭа ҟаиҵеит, аха макьана аҭак имоуӡацт», — илҳәеит Украина ахада ипресспикер Иулиа Мендель  Reuters иалҭаз аинтервиу аҿы.

Украина ахада иусмҩаҧгарҭаҿы ишаарыцҳаз ала,  Урыстәыла анапхгара, Украина мрагыларатә аҳәаашҟа идәықәырҵеит  40 000ҩык иреиҳаны аруаа, убри аҟараҵәҟьа аруаа дәықәҵоуп Ҟрымҟагьы. Владимир Зеленски  аимак аескалациа азҵаара Париж далацәажәоит.