Украина ахада иофициалтә саит иану апетициаҿы Украина атәылауаа Борис Џьонсон Украина аҧыза-министрс   иҟаҵара иаҳәоит
Украина ахада иофициалтә саит иану апетициаҿы Украина атәылауаа Борис Џьонсон Украина аҧыза-министрс   иҟаҵара иаҳәоит

Украина ахада иофициалтә саит иану апетициаҿы Украина атәылауаа Борис Џьонсон Украина аҧыза-министрс   иҟаҵара иаҳәоит.

«Акы еиҧшымкәа сшәыҳәоит Борис Џьонсон Украина атәылауаҩра ианашьареи Украина аҧыза-министр иҭыҧ азы икандидатура ақәыргылареи алшара шахәаҧшырц. Аӡбара иҵоуроу аганқәа: Борис Џьонсон адунеи аҿы имоу адгылара; Украина ажәылара иаҿагылоу  апозициа ҕәҕәа; аполитикатәи афинанстәи аиуристтәи усхкқәа рҿы адырра бзиа», — иануп апетициа атекст аҿы.

Уажәазы апетициа рнапы аҵарҩхьеит  500ҩык ауааҧсыра. Владимир Зеленски ари апетициа  дахәаҧшырц азыҳәан аинициатива иадгылароуп 25 нызқьҩык иреиҵамкәа атәылауаа.