Украина атәылахьчара аминистрра - Ԥхынгәы 21 инаркны Амшын Еиқәала Урыстәыла апортқәеи Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәеи рхырхарҭала ицо аӷбақәа зегьы Киев арратә шәарҭа аҳасабла азныҟәоит
Украина атәылахьчара аминистрра - Ԥхынгәы 21 инаркны Амшын Еиқәала Урыстәыла апортқәеи Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәеи рхырхарҭала ицо аӷбақәа зегьы Киев арратә шәарҭа аҳасабла азныҟәоит

Украина атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, ԥхынгәы 21 инаркны Амшын Еиқәала Урыстәыла апортқәеи Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәеи рхырхарҭала ицо аӷбақәа зегьы Киев арратә шәарҭа аҳасабла азныҟәоит.

“Креисер “Москва” алахьынҵа Украина атәылахьчара аминистрра  мчқәа амшын аҟны урыстәылатәи агрессиа аҿагылара шрылшо шьақәнарӷәӷәоит “, – иануп аминистрра аҳәамҭаҿ.

Уаанӡа Амшын Еиқәаҿ украинатәи апортқәа рахь ицо аӷбақәа зегьы иахьарнахыс арратә аидара апотенциатә аиагаратә ӷбақәа роуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит ҳәа аанацҳаит.