Украина аштаб хада анформациала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла Украина аԥырҩы дызҭам 36 аппаратла иажәылеит
Украина аштаб хада анформациала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла Украина аԥырҩы дызҭам 36 аппаратла иажәылеит

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла Украина аԥырҩы дызҭам 36 аппарат рыла ақәлеит, украинаа 26 дрон карыжьит,  – аанацҳаит Украина аштаб хада.

Украинатәи аруаа Бахмут ахырхарҭала, Донецктәи аобласт аҟны аӷа ижәылара аҿагылара рылшеит. Украина Атәылахьчара аминистрра Бахмут ахырхарҭала, Донецктәи аобласт аладахьала аоперациа нанагӡоит.

Украина аштаб хада адыррала, украинаа Донецктәи арегион Андреевка араион аҟны ақәҿиарақәа рымоуп.