Украина аштаб хада аинформациала, ампыҵахалаҩцәа Украина ирымоу аџьаԥҳани афатәи хымш рызхоит

Аурыс ампыҵахалаҩцәа Украина ирымоу аџьаԥҳани афатәи, абылтәи хымш рызхоит – ари атәы аарыцҳаит Украина аштаб хада аҟынтә.

Украина аштаб хада аинформациала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа иршьаҽит атанкқәа 14 цыра, иҭархоуп ҳаирпланк,  аоперативтә-тактикатә ҩаӡара змоу апилот дызмам аԥырратә аппаратк, 2 аҵәиԥрыгақәа, акәалӡмашьынқәа, артиллериатә системақәа 3. Мариуполь  иҭархоуп Урыстәыла иатәыз апатрултә нышь.