Украина Аштаб хада  - Украина Бахмуттәи ахырхарҭаҿы ақәҿиара амоуп
Украина Аштаб хада  - Украина Бахмуттәи ахырхарҭаҿы ақәҿиара амоуп

«Украина Бахмуттәи ахырхарҭаҿы ақәҿиара амоуп», — иануп Украина Аштаб хада аинформациаҿы.

Аштаб хада ахаҭарнак Андреи Ковалев ишиҳәаз ала,  Бахмут аҩадатәи аладатәи ахәҭақәа рҿы украинаа аҕа иқәыҕәҕәара нарыгӡоит, ари ахырхарҭаҿы ақәҿиарақәа рымоуп.

Иара убас, аҳәамҭа ишану ала, украинатәи арбџьармчқәа  Лимантәи,  Авдеевкатәи,  Мариинтәи ахырхарҭақәа рҿы урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ржәылара  ҕәҕәала иҿагылоуп.