Украина Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, Украина арбџьармчқәа ахыхьчара аҟынтә ажәыларахь иасит
Украина Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, Украина арбџьармчқәа ахыхьчара аҟынтә ажәыларахь иасит

Украина арбџьармчқәа ахыхьчара аҟынтә ажәыларахь иасит, – аалыцҳаит Украина Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Анна Малиар.

Украина Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, иахьа Бахмут ахырхарҭала, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы Украина ар 200 метр рҟынтә 1100 метр рҟынӡа аԥхьагылара амоуп, Украина арбџьармчқәа ари ахырхарҭала ахыхьчара аҟынтә ажәыларахь иасит.

Рашәара 6 рзы Украина ахада Володимир Зеленски иҟаиҵаз аҳәамҭала, Украина арбџьармчқәа Бахмут “Вагнер” 21 000-ҩык аибашьцәа иршьит, 60 000-ҩык ааныркылеит.