Сиднеитәи аполициа адыррала, ахәаахәҭратә центр аҿы иҟалаз ажәылара аан иҭахаз руаӡәы дқырҭуоуп
Сиднеитәи аполициа адыррала, ахәаахәҭратә центр аҿы иҟалаз ажәылара аан иҭахаз руаӡәы дқырҭуоуп

Сиднеитәи аполициа адыррала, ахәаахәҭратә центр аҿы иҟалаз ажәылара аан иҭахаз руаӡәы дқырҭуоуп.

„Сқаи ниус“ адыррала,  Ниу Уелситәи аполициа ишьақәнарҕәҕәеит 55 шықәса зхыҵуаз аҧҳәыс  мшаҧы 13 рзы Сиднеи ахәаахәҭратә центраҿ иҟалаз ажәылара аан  дшыршьыз.

Мшаҧы 13 рзы Сиднеи, ахәаахәҭратә центр аҿы, хаҵак аҳәызбала ауаа дрықәлеит. Иара фҩык ишьит, 5ҩык аҳәсеи хаҵаки. Аполициицәа ақәлаҩ уааҵәҟьа дыршьит. Хара имгакәа ишеилкаахаз ала, ақәлаҩ аменталтә гәабзиара аганахьала апроблемақәа иман. Азинхьчаҩцәа атерракт аверсиа иахәаҧшуам.