Украина аштаб хада — Украинатәи арбџьармчқәа Самаратәи атәылаҿацәаҿ иҟоу Новокуибышевсктәи анефҭ аус адуларатә зауад иаахеит
Украинатәи арбџьармчқәа Самаратәи атәылаҿацәаҿ иҟоу Новокуибышевсктәи анефҭ аус адуларатә зауад иаахеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Украина аштаб хада. Азарал заҟароу макьана идырым.
Иара убас, Украина аштаб хада адыррақәа рыла, ажәылара мҩаҧган адронқәа рышьҭаҵарҭа аганахьалагьы.
Абҵара 15 рзы украинатәи арбџьармчқәа Риазань иҟоу анефҭ аус адуларатә зауадгьы иаахеит.