Украина аштаб хада – Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Украиназы авиааахарақәа ҧшьбеи  15 аракетатә аахарақәеи мҩаҧыргеит
Украина аштаб хада – Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Украиназы авиааахарақәа ҧшьбеи  15 аракетатә аахарақәеи мҩаҧыргеит

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Украиназы авиааахарақәа ҧшьбеи  15 аракетатә аахарақәеи мҩаҧыргеит. Украинатәи АИХқәа ари аинформациа аладырҵәеит атәыла Аштаб хада адырра шьаҭас иҟаҵаны.

Аинформациа ишану ала, урыстәылатәи арбџьармчқәа Хмельницктәи, Днепропетровсктәи, Донецктәи,  Херсонтәи атәылаҿацәқәа атәылауаҩратә инфраструктура иаахеит.

Иара убас, урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа,  аицҭырҟьаратә ахысратә системақәа рыла    50-нтә атәылауаҩратә обиектқәеи арратә позициақәеи ирылахысит.  Убри амшала,  Никополь ақалақьаҿ аихагыла рацәа змоу жәа-хыбрак аҧхасҭа ду роуит.