Украина аштаб хада  - Урыстәылатәи арбџьармчқәа Североданецк изнеиуам, уаҟа аинтенсивтә ақәҧара мҩаҧысуеит
Украина аштаб хада  - Урыстәылатәи арбџьармчқәа Североданецк изнеиуам, уаҟа аинтенсивтә ақәҧара мҩаҧысуеит

Украина аштаб хада адыррақәа рыла, украинатәи арбџьармчқәа Урыстәыла 11-тәи амотохысратә аҟәша иқәырхит: аурыс аруаа араион иалҵит.

Аштаб хада адыррақәа рыла, Украинатәи арбџьармчқәа   Славианск ахырхарҭала иеиҭаҵура аурыс арбџьармчқәа раанкыларазы Изиум ахырхарҭала ажәылара иаҿуп.

Северодонецк ақәҧара ҕәҕәа мҩаҧысуеит, ампыҵахалатә мчқәа ҧхьҟа изеиҭаҵуам.  Дара, еиҭах, атәылауаҩратә инфраструктура абомбақәа аларыжьит.