Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, урыстәылатәи арбџьармчқәа Сумтәи атәылаҿацә анхарҭатә пунктқәа хәба рхырхарҭала ахысра иалагеит
Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, урыстәылатәи арбџьармчқәа Сумтәи атәылаҿацә анхарҭатә пунктқәа хәба рхырхарҭала ахысра иалагеит

Урыстәылатәи арбџьармчқәа Украина Сумтәи атәылаҿацә иажәылеит.

Арегионаҿ  80 аҧжәарақәа ҟалеит. Адырра инақәыршәаны,  урыстәылатәи арбџьармчқәа Сумтәи атәылаҿацә анхарҭатә пунктқәа хәба рхырхарҭала ахысра иалагеит. Ҩныки акоммуналтә хыбраки аҧхасҭа роуит.

Украина Аштаб хада адыррала,  урыстәылатәи ампыҵахалаҩцәа Купиансктәи, Лимансктәи, Бахмуттәи, Шахтертәи, Авдеевкатәи ахырхарҭақәа рыла ажәыларақәа мҩаҧыргоит.