Украина Аштаб хада – Хымш рыла украинатәи аруаа Харьковтәи атәылаҿацә аҿы  50 километр рыла ҧхьаҟа ицеит
Украина Аштаб хада – Хымш рыла украинатәи аруаа Харьковтәи атәылаҿацә аҿы  50 километр рыла ҧхьаҟа ицеит

Украина Аштаб хада аинформациала, хымш рыла украинатәи аруаа Харьковтәи атәылаҿацә аҿы  50 километр рыла ҧхьаҟа ицеит.

Аштаб хада адыррала, украинатәи аруаа рпозициақәа дырҕәҕәоит.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла, адгьылтә гәыҧқәа рыцхраара амзызла,  Атәылахьчаратә мчқәа авиациа  20 инареиҳаны аахақәа мҩаҧыргеит. Украинатәи арбџьармчқәа аҟәыратә 2 пунктки, аруааи арратә техникеи ахьгылаз 15 араионқәеи, азениттә комплексқәа хҧеи,  БпЛА   4 цыраки,   агежьҧрыга  Ка-52 иқәырхит.