Британиатәи арратә ҧшыхәра  - Украинаа Харьковтәи атәылаҿацә урыстәылатәи арбџьармчқәа рҟынтә ахақәиҭтәра нарыгӡоит  
Британиатәи арратә ҧшыхәра  - Украинаа Харьковтәи атәылаҿацә урыстәылатәи арбџьармчқәа рҟынтә ахақәиҭтәра нарыгӡоит  

Британиатәи арратә ҧшыхәра адыррала, аҵыхәтантәи 24 сааҭ рыла украинатәи арбџьармчқәа Харьковтәи атәылаҿацәаҿ крызҵазкәа аҵакырадгьылқәа рырхынҳәра иаҿуп.

Аҧшыхәра адыррала, ишубарҭоу ала, Урыстәыла Харьковтәи атәылаҿацә аҟынтәи ахатә бџьармчқәа алнагеит, аха,  Купиански Изиуми астратегиатә обиектқәа рыкәша-мыкәша ақәҧара инагӡоит.