Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Украина Харьковтәи атәылаҿацә аракетақәа рыла иажәылеит
Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Украина Харьковтәи атәылаҿацә аракетақәа рыла иажәылеит

Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Украина Харьковтәи атәылаҿацә аракетақәа рыла иажәылеит. Аларҵәара зауз аинформациала, иҭахаз ҳәа аӡәгьы дыҟам.

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, украинатәи арбџьармчқәа Херсонтәи ахырхарҭала қәҿиарала аконтржәылара мҩаҧыргоит. Атәыла аладатәи ахәҭаҿы украинатәи арбџьармчқәа аурыс арратә ҳаирплани 11 атанкқәеи иқәырхит.

Ирҿыцу адыррақәа рыла, аурысцәа аеробаллистикатә ракетақәа  «Аҟамеи»  «Искандери» рхы иадырхәоит. Аракетатә жәылара амшала агидротехникатә аргыламҭақәеи атранспорттә инфраструктуреи аҧхасҭа роуит.