Украина Аштаб хада  - Аамҭала импыҵахалоу Ҟрым администрациа рыӡбарала, ахәышәтәырҭақәа рҿы атәылауаҩратә хаҿқәа рыдкылара иаҟәыҵит
Украина Аштаб хада  - Аамҭала импыҵахалоу Ҟрым администрациа рыӡбарала, ахәышәтәырҭақәа рҿы атәылауаҩратә хаҿқәа рыдкылара иаҟәыҵит

Аамҭала импыҵахалоу Ҟрым администрациа рыӡбарала, ахәрақәа змоу аруаа рзы аҭыҧқәа рҭарцәра амзызла, ахәышәтәырҭақәа рҿы атәылауаҩратә хаҿқәа рыдкылара иаҟәыҵит, — иануп Украина Аштаб хада есымшатәи аинформациаҿы.
Аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала,  Ҟрым интенсивла адонортә ашьа аизгара иаҿуп.

Украинатәи аган рдыррақәа рыла, ацәыӡ ахарҭәаара амзызла,  ампыҵахалаҩцәа ашьҭаҵарқәа рҿы иҟаз  ажәытә техника алгара иалагеит.