Украина Аштаб хада адыррақәа рыла, жәабран 24 инаркны Урыстәыла Украинаҿ ацәыӡит  25 500ҩык аруаа
Украина Аштаб хада адыррақәа рыла, жәабран 24 инаркны Урыстәыла Украинаҿ ацәыӡит  25 500ҩык аруаа

Жәабран 24 инаркны лаҵара 8-нӡа, Украина имҩаҧысуа аибашьраҿы Урыстәыла ацәыӡит 25 500ҩык аруаа. Украинатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит  атәыла Аштаб хада адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны, Урыстәыла ацәыӡит: 1130 атанкқәеи, 2741 ақәылӡмашьынақәеи, 509 артиллериатәи 179 аракетатәи системақәеи, 86 аҳаирхьчаратә системақәеи, 199 аҳаирпланқәеи,  156 аветролиотқәеи,  1 961 арратә машьынақәеи абензинмҩангагақәеи, 12 аҕбақәеи,  360 апилотдатә ҳаирпланқәеи, 39 цыра атехника ҷыдеи амҵәыжәҩа змоу аракетақәеи.