"Вагнер" ашьаҭаркҩы - Бахмут аҟынтә арратә гәыԥқәа ралгара иалагахьеит
"Вагнер" ашьаҭаркҩы - Бахмут аҟынтә арратә гәыԥқәа ралгара иалагахьеит

Ахатәы арратә еилахәыра “Вагнер” ашьаҭаркҩы Евгени Пригожин ишааицҳаз, Бахмут аҟынтә арратә гәыԥқәа ралгара алагахьеит – аанацҳаит ВВС.

«Бахмут аҟынтә арратә гәыԥқәа ралгара ҳалагахьеит. Рашәара 1 аҟынӡа ашьаҭатә хәҭа аӷа ашьҭахьтәи ар иргыларҭахь иасуеит Ҳпозициақәа аруаа рҳҭоит. Аха урҭ ирцәыуадаҩхар, Бахмут анапахьы аагараҿ ароль хада назыгӡаз агәыԥ аанҳажьуеит», —иануп Пригожин ипрессмаҵзура аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Лаҵара 20 рзы Пригожин Бахмут анапахьы аагара иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит. Украинатәи анапхгара Бахмут акаҳара шьақәдырӷәӷәом.