Евгени Пригожин иҳәамҭала,  „Вагнер“ ашҟа қьырала аибашьцәа ргара иаҟәыҵит
Евгени Пригожин иҳәамҭала,  „Вагнер“ ашҟа қьырала аибашьцәа ргара иаҟәыҵит

Хазхаҭалатәи аурыс арратә еилахәыра  „Вагнер“ ашьаҭаркҩы Евгени Пригожин ишиҳәаз ала,  „Вагнер“ ашҟа қьырала аибашьцәа ргара иаҟәыҵит.

Иара иажәақәа рыла, „Вагнер“ ахатә аилазаараҿы иазхаша аибашьцәа иҟоуп.

„Ахатә аилазаараҿы макьана адефицит ҳамам, иҵегьы аибашьцәа ргара ҳгәы иҭам. Аха, ҳара ҳҟны аимадара шәымазар ҳҭахуп, избанзар, ҳаҧсадгьыл иаҭаххар, ҳтәыла аинтересқәа рыхьчара зылшо агәыҧ ҿыц  еиҿаҳкаауеит“, – иҳәеит Пригожин ихатә Телеграмм каналаҿ.

Иара ишиҳәаз ала,  „Вагнер“ аусура нанагӡоит Африкеи Беларуси иҟоу азыҟаҵаратә центрқәа мацара рҿы, қьырала аус зуа аибашьцәа уажәы рыҧсы ршьоит.