Франциа аиҳабыра рҳәамҭала, Твертәи атәылаҿацәаҿ иҟалаз авиарыцҳара иадҳәаланы агәҩарақәа иҟоуп
Франциа аиҳабыра рҳәамҭала, Твертәи атәылаҿацәаҿ иҟалаз авиарыцҳара иадҳәаланы агәҩарақәа иҟоуп

Франциа аиҳабыра рхаҭарнак  Оливие  Веран ишиҳәаз ала,  Твертәи атәылаҿацәаҿ иҟалаз авиарыцҳара иадҳәаланы агәҩарақәа иҟоуп.

Иара иажәақәа рыла, Џьо Баиден иҳәамҭа  — зышьақәыргылара ҟало аиашоуп.

«Ҳара амашәыр зыхҟьаз уажәгьы иҳаздырӡом. Иҵаҵгәырку агәҩарақәа ҳамоуп», — иҳәеит Оливие Веран аҭыҧантәи ажурналистцәа данрацәажәоз.

Америка ахада Џьо Баиден игәаанагарала,  Твертәи атәылаҿацәаҿ, «Вагнер»  ашьаҭаркҩы Евгени Пригожин дахьҭахаз авиарыцҳара Владимир Путин еиҿиказаар ҟалап.