Кирилл Буданов - ФСБ Евгени Пригожин ишьразы адҵа аиуит
Кирилл Буданов - ФСБ Евгени Пригожин ишьразы адҵа аиуит

«Урыстәыла афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Евгени Пригожин ишьразы адҵа аиуит», — иҳәеит Украина Атәылахьчара аминистрра аԥшыхәратә маҵзура хада анапхгаҩы Кирилл Буданов.

Буданов иажәақәа рыла, Пригожин ишьра аҽазкрақәа иманшәалахо иманшәаламхо аамҭа иҳнарбоит.

«Ииашоу атактика алхразы, аҵыхәтәантәи стадианӡа анеиразы аамҭа аҭахуп. Иаҵшьны иазгәасҭоит, Пригожин иликвидациа – иаарту зҵаароуп, избан акәзар Урыстәыла афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Пригожин ишьра иазку адҵа анагӡара алшо алымшо идырым», — иҳәеи Буданов.