Урыстәыла Аусеилыргаратә комитет аофициалла ишьақәнарҕәҕәеит Евгени Пригожин дышҭахаз
Урыстәыла Аусеилыргаратә комитет аофициалла ишьақәнарҕәҕәеит Евгени Пригожин дышҭахаз

Агенетикатә анализ алҵшәақәа рышьаҭала,  Урыстәыла Аусеилыргаратә комитет аофициалла ишьақәнарҕәҕәеит Евгени Пригожин дышҭахаз. Ари аинформациа аладырҵәеит урыстәылатәи АИХқәа.

«Твертәи атәылаҿацәаҿ иҟалаз авиаамашәыр аҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз агенетикатә експертиза  алҵшәақәа рышьаҭала, иҭахаз ауааҧсыра зегьы рыхьӡқәа еилкаауп, урҭ аҧырратә бҕьыц иану адыррақәа ирышьашәалоуп», — ирҳәеит аусбарҭаҿы.

Мышқәак раҧхьа Твертәи атәылаҿацәаҿ хазхаҭалатәи аҳаирплан каҳаит. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура адыррақәа рыла, апассаџьырцәа зегьы ҭахеит. Амашәыр аныҟала аҳаирплан иақәтәан хазхаҭалатәи арратә еилахәыра  «Вагнер» анапхгаҩы Евгени  Пригожини идгылаҩцәеи  — Валери Чекалови Дмитри Уткини.