Дмитри Песков иҳәамҭала,  Евгени Пригожин Кремль адҵала дҭадырхазшәа мраҭашәаратә алидерцәа ирҳәо зегьы мцуп
Дмитри Песков иҳәамҭала,  Евгени Пригожин Кремль адҵала дҭадырхазшәа мраҭашәаратә алидерцәа ирҳәо зегьы мцуп

Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ  Дмитри  Песков иҳәамҭала, арратә гәыҧ «Вагнер» анапхгаҩы  Евгени Пригожин Кремль адҵала дҭадырхазшәа мраҭашәаратә алидерцәа ирҳәо зегьы мцуп.

Песков иажәақәа рыла, Евгени Пригожин иҧсра иадҳәаланы имҩаҧысуа аконкреттә агәаҭара алҵшәақәа ирызҧшуп.

«Ҳәарада, уажәы авиаамашәыри аҳаиплан апассаџьырцәа рҭахареи иазку аспекулиациақәа рацәоуп. Ҳәарада, Мраҭашәараҿ ари азҵаара дара ишырҭаху еиҧш иахцәажәоит, аха, ирҳәо зегьы мцуп. Ҳәарада, ари азҵаара ҳаналацәажәо, афактқәа мацара иазҧхьагәаҳҭароуп», — иҳәеит  Песков.

Песков ишазгәеиҭаз ала, уажәазы иаҭаху аекспертизақәа зегьы мҩаҧысуеит.

АИХқәа рдыррақәа рыла, аҳаирплан иақәтәаз  жәаҩык апассаџьырцәа зегьы ҭахеит. Росавиациаҿ ишьақәдырҕәҕәеит Евгени Пригожингьы аҳаирплан дшақәтәаз. Урыстәылатәи АИХқәа ринформациа инақәыршәаны,  иҭахаз ауааҧсыра зегьы рыҧсыбаҩқәа авиаамашәыр ахьыҟалаз аҭыҧаҿ ишьҭоуп.