АИХқәа ринформациала, Евгени Пригожин Санкт-Петербург имоу аҩны аимдараан урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа аадырҧшит аҧара рацәеи, абџьари, ахьырҭәахқәеи, асабырқәеи
АИХқәа ринформациала, Евгени Пригожин Санкт-Петербург имоу аҩны аимдараан урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа аадырҧшит аҧара рацәеи, абџьари, ахьырҭәахқәеи, асабырқәеи

Бџьартә гәыҧ «Вагнер»  ашьаҭаркҩы Евгени Пригожин Санкт-Петербург имоу аҩны аимдараан урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа аадырҧшит аҧара рацәеи, абџьари, ахьырҭәахқәеи, асабырқәеи.  Иашьашәалоу афотоматериалақәеи авидеоҭыхымҭақәеи аланарҵәеит аҭыжьымҭа   «Известиа».

Аҭыҧантәи амедиа адыррақәа рыла, Пригожин иҩны ирбаз ахьырҭәахқәа рыхә макьана иҧхьаӡам.

Иара убас, аҭыжьымҭа ишану ала, «Вагнер»  ашьаҭаркҩы иҩнаҿы аадырҧшит асабырқәеи атәылауаҩшәҟәқәа ҧаршеиқәеи.