Дмитри Песков иҳәамҭала, Евгени Пригожин изы ихьацыркыз ашьауҕатә ус аанкылоуп,  „Вагнер“ ашьаҭаркҩы Беларусҟа диасит
Дмитри Песков иҳәамҭала, Евгени Пригожин изы ихьацыркыз ашьауҕатә ус аанкылоуп,  „Вагнер“ ашьаҭаркҩы Беларусҟа диасит

Урыстәыла ахатәы арратә еилахәыра  „Вагнер“ ашьаҭаркҩы Евгени Пригожин изы Урыстәыла ихьацыркыз ашьауҕатә ус аанкылоуп. Ари атәы ааицҳаит Кремль апресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков. Иара ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит  Евгени Пригожини Беларус ахада Владимир Лукашенкои реиҿцәажәара иазкны.

Песков иҳәамҭала, Пригожин ихаҭа Беларусҟа диасит.

Песков ишазгәеиҭаз ала, бџьартә ақәгылара иалахәыз  „Вагнер“ аибашьцәа рзы ашьауҕатә ашьҭацалара мҩаҧгахом. Бџьартә ақәгылара иалахәымыз аибашьцәа рыхәҭак Атәылахьчара аминистрра аҟны аилаӡара рнапы аҵарҩуеит.